Николоз Самхараӡе  - Ҳара аконгрессменцәа ҳрыҳәеит  ҳаизыҟазаашьақәа рҿы ишьақәгылаз адинамика бзиа ҧырхага амоурц азыҳәан азакәанҧҵаратә инициативақәа ҭырҵаарц
Николоз Самхараӡе  - Ҳара аконгрессменцәа ҳрыҳәеит  ҳаизыҟазаашьақәа рҿы ишьақәгылаз адинамика бзиа ҧырхага амоурц азыҳәан азакәанҧҵаратә инициативақәа ҭырҵаарц

 

«Иахьа Конгресс аҿы аиҧыларақәа хыркәшан, ҳара хәҩык аконгрессменцәа ҳарҧылеит, реиҳара адәныҟатәи аусқәа рзы акомитет иалахәып, егьырҭ акомитетқәа рылахәылацәагьы ҳарҧылеит», — иҳәеит Қырҭтәыла апарламентаҿ иҟоу адәныҟатәи еизыҟазаашьақәа рзы акомитет ахантәаҩы Николоз Самхараӡе.

 Самхараӡе иажәақәа рыла, аиҧыларақәа раан ақырҭуа-америкатә еизыҟазаашьақәеи, ашәарҭадара азҵаарақәеи, арегионаҿ имҩаҧысуа ахҭысқәеи,  «Абжьаратә корридор» аҿиареи иалацәажәон. Иара ишазгәеиҭаз ала, аконгрессменцәа Абжьаратә корридор  аҿиара азҵаара иазҿлымҳахеит, иаҵшьны иазгәаҭан ари апроцессаҿ Қырҭтәыла инанагӡо ароль.

Николоз Самхараӡе иажәақәа рыла, ақырҭуа аган аконгрессменцәа ирыҳәеит  ҩ-тәылак реизыҟазаашьақәа рҿы ишьақәгылаз адинамика бзиа ҧырхага амоурц азыҳәан азакәанҧҵаратә инициативақәа ҭырҵаарц.