Николоз Самхараӡе - Уажәааны Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ихаҭыҧуаҩ Брендан Ханрахан сиҧылеит, сара изышьақәсырҕәҕәеит астратегиатә партниорра иазку аиқәшаҳаҭра ҿыц аус адулара алагара ҳшазыхиоу
«Америка аҳәынҭқарратә департамент аҿы аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ихаҭыҧуаҩ Брендан Ханрахан ҳаниҧылоз, изышьақәҳарҕәҕәеит астратегиатә партниорра иазку аиқәшаҳаҭра ҿыц аус адулара алагара ҳшазыхиоу», — иҳәеит Қырҭтәыла апарламенттә делегациа анапхгаҩы Николоз Самхараӡе аиҧылара ашьҭахь.
Николоз Самхараӡе иҳәамҭала, аганқәа рхаҭарнакцәа азеиҧш интересқәа ирыҵанакуа азҵаарақәа рацәа ирылацәажәеит.
«Уажәааны Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ихаҭыҧуаҩ Брендан Ханрахан сиҧылеит. Ҳаиҧылара аиҩызаратә ҟазшьа аман. Ҳара азеиҧш интересқәа ирыҵанакуа азҵаарақәа рацәа ҳрылацәажәеит. Иаҵшьны иазгәаҭан Қырҭтәылеи Америкеи рнапхгара ргәаанагарақәа шеиқәшәо. Арегионаҿ имҩаҧысуа ахҭысқәеи Қырҭтәыла ашәарҭадаразы урҭ ирымоу аҵаки ҳалацәажәеит.
«Абжьаратә корридори» “Трамп имаршрути” рҿиара ҳалацәажәеит. Америкатә еилахәырақәа рыла Қырҭтәыла аинвестициақәа алаҵара азҵаарагьы ҳазааҭгылеит. Аха, зегьы реиҳа ихадоу, хшыҩзышьҭра ҷыда азун астратегиатә партниорра иазку аиқәшаҳаҭра ҿыц. Ҳара даҽазнык ишьақәҳарҕәҕәеит астратегиатә партниорра иазку аиқәшаҳаҭра ҿыц аус адулара алагара ҳшазыхиоу», — иҳәеит Николоз Самхараӡе.