Николоз Самхараӡе – Америка Ашәарҭадара ахеилак амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыҧуаҩ Ендриу Беикер ҳаниҧылоз, ақырҭуа-америкатә еизыҟазаашьақәа реиҕьтәреи астратегиатә партниорра аиҭашьақәыргылареи ҳалацәажәеит
«Уажәааны Америка Ашәарҭадара ахеилак амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыҧуаҩ Ендриу Беикери ҳареи ҳаиҧылара хыркәшан, аиҧылара аинтерес ду аҵан», — иҳәеит визитла Америка иҟоу Қырҭтәыла апарламенттә делегациа анапхгаҩы Николоз Самхараӡе.
Иара иажәақәа рыла, аиҧылараҿы астратегиатә партниорра аиҭашьақәыргылара иалацәажәеит.
«Азҵаарақәа рацәа ҳрылацәажәеит. Жәаҳәарада, ари аиҧылараҿы ақырҭуа-америкатә еизыҟазаашьақәа реиҕьтәреи астратегиатә партниорра аиҭашьақәыргылареи ҳалацәажәеи. Арҭ азҵаарақәа рзы ҳгәаанагарақәа еибаҳҳәеит.
Иара убас, ашәарҭадара азҵаарақәеи, Иран имҩаҧысуа ахҭысқәеи ҳарзааҭгылеит.
Аиҧылара бзиа мҩаҧаагеит, наҟ-наҟ ақәҿиара зхылҵуа ашьаҿақәа рыҟаҵара ҳалшап ҳәа ҳгәыҕуеит», — иҳәеит Николоз Самхараӡе.