Николоз Самхараӡе   ASEAN Апарламенттә Ассамблеиаҿы дықәгылеит
Николоз Самхараӡе   ASEAN Апарламенттә Ассамблеиаҿы дықәгылеит

 

Адәныҟатәи еизыҟазаашьақәа рзы апарламенттә комитет ахантәаҩы Николоз Самхараӡе аофициалтә визитла Пномпена дыҟоуп, уаҟа Алада-Мрагыларатә Азиа атәылақәа Рпарламенттә Ассамблеиа асессиа мҩаҧысуеит. Ари аилатәара аҭынчреи ашәарҭадареи ирызкуп.

Алада-Мрагыларатә Азиа  — аҭоурыхи, акультуреи, аетникатә ганахьалеи адунеиаҿ зегьы реиҳа ибеиу арегионқәа иреиуп. Убри аҟынтә, аглобалтә проблемақәа рыӡбараҿы ари арегион алахәызаара аҵакы ду амоуп», — иҳәеит  Николоз Самхараӡе.

Акомитет ахантәаҩы Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы аҭагылазаашьа цәгьа дазааҭгылан, Ассамблеиа иалоу атәылақәа Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи адгыларазы ҭабуп ҳәа реиҳәеит.

Николоз Самхараӡе ашәарҭадара аганахьала иҟоу аглобалтә проблемақәеи, аурыс ампыҵахалареи, Амшын еиқәа арегионаҿ имҩаҧысуа ахҭысқәеи дрылацәажәан, ишазгәеиҭаз ала, аҭынчра ашьақәыргыларазы жәларбжьаратәи азин апринципқәа хымҧада ихьчазароуп.

Қырҭтәыла 2023 шықәса инаркны   ASEAN Апарламенттә Ассамблеиа иалахәып ацклаҧашратә тәыла аҳасабала.