Николоз Самхараӡе - Алхрақәа рҿы аиааира зго заанаҵы аҳәара уадаҩуп, аконкурентцәа рыбжьара аиҧшымра маҷуп, Венгриа ҳаамҭазтәи аҭоурыхаҿ зегьы реиҳа аконкуренциа ахьдуу алхрақәа мҩаҧысуеит
Адәныҟатәи еизыҟазаашьақәа рзы апарламенттә комитет ахантәаҩы Николоз Самхараӡе Венгриа 2026 шықәсатәи апарламенттә алхрақәа дрыцклаҧшуеит. Иара иҳәамҭала, алхрақәа ҭынч имҩаҧысуеит.
Самхараӡе иажәақәа рыла, қарҭтәии аамҭала, ҵхыбжьон, заанаҵтәи алҵшәақәа еилкаахоит.
„Ҳделегациа Сегед ақалақьаҿ арҭ алхрақәа ирыцклаҧшуеит ОБСЕ Апарламенттә ассамблеиа анапхгарала. Алхыҩцәа рктивра ҳаракуп.
Арҭ алхрақәа ирыцклаҧшуеит 150ҩык раҟара анаҧшцәа.
Алхрақәа макьана ҭынч имҩаҧысуеит. Венгриа аелектронтә аппаратура рхы иадырхәом, араҟа алхрақәа мҩаҧысуеит атрадициатә пҟарала. Қарҭтәи аамҭала асааҭ 21:00 рзы алхырҭақәа адыркуеит. Ҵхыбжьон заанаҵтәи алҵшәақәа еилкаахоит. Алхрақәа рҿы аиааира зго заанаҵы аҳәара уадаҩуп, аконкурентцәа рыбжьара аиҧшымра маҷуп, Венгриа ҳаамҭазтәи аҭоурыхаҿ зегьы реиҳа аконкуренциа ахьдуу алхрақәа мҩаҧысуеит“, – иҳәеит Николоз Самхараӡе.