Николоз Самхараӡе - Украина анапхгара иҟарҵаз ашьаҿақәа ҳарзыразуп, ақырҭуа-украинатә еизыҟазаашьақәа ирҽеитәуп, уи аҵакы ду амоуп
«Украина анапхгара иҟарҵаз ашьаҿақәа ҳарзыразуп, ақырҭуа-украинатә еизыҟазаашьақәа ирҽеитәуп, уи аҵакы ду амоуп», — иҳәеит адәныҟатәи аимадарақәа рзы апарламенттә комитет ахантәаҩы Николоз Самхараӡе.
Иара иажәақәа рыла, Қырҭтәыла анапхгара Украинаҟны аиҩызаратә, апартниортә, астратегиатә еизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргылара иазыхиоуп.
«Ақырҭуа-украинатә еизыҟазаашьақәа ирҽеитәуп, уи аҵакы ду амоуп. Ҳара еснагь Украинеи уи ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ҳадгылон. Украина анапхгара иҟарҵаз ашьаҿақәа ҳарзыразуп, ақырҭуа-украинатә еизыҟазаашьақәа ирҽеитәуп, уи аҵакы ду амоуп. Қырҭтәыла анапхгара Украинаҟны аиҩызаратә, апартниортә, астратегиатә еизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргылара иазыхиоуп», — иҳәеит Николоз Самхараӡе.