Ника Мелиа – Аиааиранӡа ақәҧара наҳагӡоит
Ника Мелиа – Аиааиранӡа ақәҧара наҳагӡоит

«Атәыла уажәтәи аганхгара аморалтә ашьаҭа рцәыӡхьеит, аполитикатә ашьаҭагьы рымам», — иҳәеит  «Амилаҭтә ҵысра» алидер Ника Мелиа.

Иара иажәақәа рыла, атәыла анапхгара амчтә методқәеи аполициатә мчи мацара ириқәгәыҕуеит.

«Ҳтәылауаа атәыла анапхгара ирласӡаны иқәырхыр рҭахуп. Саргьы уи ауп исҭаху, ишызбо ала, уажәтәи арежим хымҧада икаҳауеит, ҳара ҳзы уи абжьаратә ҳасабтәуп.

Ҳхықәкы хада —  абри аҳәынҭқарра аҿиара алагара ауп», — иҳәеит Ника Мелиа.

Иара иажәақәа рыла, Михаил Саакашвили ихақәиҭтәразы аҵыхәанӡа ақәҧара нарыгӡоит, аоппозициатә партиақәа аконкреттә план еиқәдыршәеит, уи аҿыц алхрақәеи егьырҭ крызҵазкәа азҵаарақәеи ирызкуп.