Ника Гварамиеи Дмитри Саӡаҕлишвилии апроцесс ашҟа иахьынармышьҭыз амшала, Саакашвили идукатцәа аӡбаратә зал аанрыжьит
Ника Гварамиеи Дмитри Саӡаҕлишвилии апроцесс ашҟа иахьынармышьҭыз амшала, Саакашвили идукатцәа аӡбаратә зал аанрыжьит

Михаил Саакашвили идукатцәа абҵара 7 аепизод иадҳәаланы имҩаҧысуаз апроцесс аанрыжьит.

Уаанӡа, Беқа Басилаиа  аҳәара ҟаиҵеит апроцесс аҿы аҧсшьарасааҭ рылаҳәаны, Ника Гварамиеи Дмитри Саӡаҕлишвилии апроцесс ашҟа инарышьҭырц. Иара ишиҳәаз ала, дара аҿыц дыррақәа рымазар ауеит.

Аха, аӡбаҩ ишылҳәаз ала, зыӡбахәы ҳәоу ахаҿқәа апроцесс аҿы рылахәызаара аиҧҟьарада апринцип иашьашәалам.

«Ус акәзар, абра аҟазаара иаҧсам, сара апроцесс аансыжьуеит», — иҳәеит адукат Беқа Басилаиа.