NDI – Қырҭтәыла ауааҧсыра реиҳара, ҧасеиҧш, Евроеидгыла алырхит, аинститутқәа рахь агәацәцара инагӡоит
NDI – Қырҭтәыла ауааҧсыра реиҳара, ҧасеиҧш, Евроеидгыла алырхит, аинститутқәа рахь агәацәцара инагӡоит

Амилаҭтә демократиатә институт (NDI) ауажәлар ргәаанагара аҭҵаара алҵшәа ҿыцқәа цәырнагеит.

Аиҿкаара адыррала, зыӡбахәы ҳәоу аҳасабырба еиқәыршәан ауааҧсыра аҭелла рацәажәара ашьаҭала. Аҭҵарақәа мҩаҧган Урыстәыла Украина иажәылаанӡа  (жәабран 3-15 рзы) , иара убас, урыстәылатәи интервенциа ианалага ашьҭахь ҩымчыбжь анҵы  (хәажәкыра 9-20 рзы).

«Иахьа ицәыргаз аҭҵаара инақәыршәаны,  Евроеидгыла алалара адгылара хәыҷык ишеиҵхазгьы, Қырҭтәыла ауааҧсыра реиҳара европатәии ероатлантикатәи хырхарҭа иадгылоит. Ауааҧсыра  75% Евроеидгыла алалара иақәшаҳаҭуп,  25%  ишырҳәаз ала, ари апроцесс иаҧырхагоуп аиҳабыра рган аҟынтә аполитикатә ҭаххара аҟамзаара.

НАТО алалара иадгылоит 69%.

Аҭҵаарақәа инрықәыршәаны, атәыла ауааҧсыра аинститутқәеи апартиақәеи рахь агәрагара рцәыӡуеит. Ауаа реиҳара ргәы ишаанаго ала, анапхгаратә партиагьы аоппозициагьы атәылеи ажәлари ринтересқәа ирызхәыцуам.