Мшаҧы акы инаркны  A акатегориа иаҵанакәа атаксиқәа рырныҟәгаҩцәа  автобустә цәаҳәаҿы апассаџьырцәа рақәыртәареи рылбаагареи рылшоит
Мшаҧы акы инаркны  A акатегориа иаҵанакәа атаксиқәа рырныҟәгаҩцәа  автобустә цәаҳәаҿы апассаџьырцәа рақәыртәареи рылбаагареи рылшоит

Мшаҧы акы инаркны  A акатегориа иаҵанакәа атаксиқәа рырныҟәгаҩцәа  автобустә цәаҳәаҿы апассаџьырцәа рақәыртәареи рылбаагареи рылшоит, – Қарҭ ахада Каха Калаӡе ари аҳәамҭа ҟаиҵеит атаксиқәа рреформа ахҧатәи аетап аӡыргараан.

Каха Калаӡе ишиҳәаз ала, ари ахырхарҭала Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрраҟны аусура мҩаҧысуеит.

„Мшаҧы акы инаркны  A акатегориа иаҵанакәа атаксиқәа рырныҟәгаҩцәа  автобустә цәаҳәашҟа ииасны,  апассаџьырцәа рақәыртәареи рылбаагареи рылшоит.  Ари ахырхарҭала Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрраҟны активла аусура ҳаҿуп.  Ҧыҭраамҭак ашьҭахь иаҳа инарҭбаау аинформациа шәыдаагалоит“, – иҳәеит Калаӡе.