Михаил Сарџьвелаӡе зылшарақәа маҷу ахәыҷқәа Ашықәс Ҿыц рыдиныҳәалеит
Михаил Сарџьвелаӡе зылшарақәа маҷу ахәыҷқәа Ашықәс Ҿыц рыдиныҳәалеит

Агәабзиарахьчара аминистр Михаил Сарџьвелаӡеи, ихаҭыҧуаҩ  Ирина Ҵақаӡеи, Аҳәынҭқарратә аиҷаҳара агентра  адиректор Русудан Кохоӡеи аҭаацәаратә ҩны ҷыдашҟа инеины, уаҟа иҟоу, зылшарақәа маҷу ахәыҷқәа Ашықәс Ҿыц рыдырныҳәалеит.

Зыӡбахәы ҳәоу аҩнаҿы зылшарақәа маҷу ахәыҷқәа ирзыманшәалоу аҭагылазаашьақәа зегьы еиқәыршәоуп. Уаҟа ахәыҷқәа уахгьы-ҽынгьы ирхылаҧшуеит, ахәыҷқәа амедицинатә цхыраара роуеит.