Михаил Сарџьвелаӡе - Диушенн ичымазара зыхәшәтәуа ахәшәқәа рыҭҵаара апроцесс активла инагӡахоит, аӡбара адкыларазы ашьаҭеи абазеи аныҟалалак, зыҧшра ҟамҵакәа аӡбара ҳадаҳкылоит
Қырҭтәыла агәабзиарахьчара аминистр Михаил Сарџьвелаӡе апарламент апленартә аилатәараҿы ишиҳәаз ала, ари атема иадҳәаланы аобиективтә зҵаарақәа змоу ауаа зегьы аминистрраҿы рҧылара дазыхиоуп.
Иара иажәақәа рыла, Диушенн ичымазара зыхәшәтәуа ахәшәқәа рыҭҵаара апроцесс активла инагӡахоит.
«Иаартны ишәасҳәар сылшоит, ари атема иадҳәаланы аобиективтә зҵаарақәа змоу, апроблема зыӡбар зҭаху ауаа аминистрраҿы рҧылара сазыхиоуп, уаҟа рызҵаарақәа зегьы аҭак раҳҭоит.
Аӡбара адкыларазы ашьаҭеи абазеи аныҟалалак, зыҧшра ҟамҵакәа аӡбара ҳадаҳкылоит. Уажәтәи анапхгара рхаан акьыба ачымазара ахәшәтәра абиуџьет шәынтә иазҳаит, аха, уезгьы, гәыбҕан ҳарҭоит атәыла аиҳабыра ауаа ргәабзиаразы аҧара рыцҳаршьоит ҳәа, уи мцуп.
Ахәшә цыҧхьаӡазы аинформациа еизгатәуп. Ари апроцесс активла инаҳагӡоит», — иҳәеит агәабзиарахьчара аминистр.