Михаил Сарџьвелаӡе - Иҳаҩсыз ашықәс иаҿаҳарҧшыр, агрипп аганахьала иҷыдоу акгьы иҟам, арбагақәа зегьы инормалуп
Иҳаҩсыз ашықәс иаҿаҳарҧшыр, агрипп аганахьала иҷыдоу акгьы иҟам, арбагақәа зегьы инормалуп, – иҳәеит Қырҭтәыла агәабзиарахьчара аминистр Михаил Сарџьвелаӡе.
Сарџьвелаӡе иҳәамҭала, агәабзиарахьчара асектор агрипп асезон азы имазеиуп.
„Ишаҧу еиҧш, аӡынразы агрипп аларҵәара арбага иацлоит, уи уамашәа иубаратәы иҟам. Ҵыҧхтәи ашықәс иаҿаҳарҧшыр, агрипп аганахьала сынтәа иҷыдоу акгьы иҟам, арбагақәа зегьы инормалуп. Адыррақәа ҳрыцклаҧшуеит. Аҭагылазаашьа ҳахылаҧшуеит. Агәабзиарахьчара асектор агрипп асезон азы имазеиуп. Ауааҧсыра зегьы ирыбжьазгоит агигиена анормақәа рыхьчареи агрипп аҽацәыхьчаратә алаҵа аҟаҵареи“, – иҳәеит Михаил Сарџьвелаӡе.