Аҧсахратә терапиа апрограмма иалагоит нанҳәа 15 инаркны, уи аҳәынҭқарратә хылаҧшра аҵаҟа иҟазаауеит
«Уаҵәы, нанҳәа 15 инаркны, аҧсахратә терапиа апрограмма анагӡаразы аҭакҧхықәра наӡа агоит аҳәынҭқарра», — иҳәеит Қырҭтәыла агәабзиарахьчара аминистра Михаил Сарџьвелаӡе аминистрраҿы имҩаҧгаз абрифинг аҿы.
Сарџьвелаӡе иҳәамҭала, иахьа уажәраанӡа аус зуаз аҧсахратә терапиа хазхаҭалатәи ацентрқәа аусура иаҟәыҵуеит.
«Аҧсахратә терапиа хазхаҭалатәи ацентрқәа зхы иазырхәо ауаа рацәа аҳәынҭқарратә маҵзура иадҵаалт, уацәы инаркны дара рызынтәгьы, иахьырҭаху аҳәынҭқарратә центрқәа рҿы хәыда-ҧсада ари амаҵзура роур рылшоит. Урҭ реиҧш 1512ҩык иҟоуп. 100ҩык раҟара, еиуеиҧшым амзызқәа рымшала, амаҵзура ахархәара анагӡара азин роуам. Иаҳҳәап, еиҧҟьарада анаркотикқәа здызымкыло ауаа иҟоуп, дара аҧсахратә терапиа рҭахым. Дара рхала аҳәынҭқарратә центрқәа ирыдҵааланы, агәаҭарақәа ирхысыр рылшоит. Анеҩс, агәаҭарақәа рылҵшәақәа инрықәыршәаны, аҳақьымцәа хазхаҭалатәи аӡбара рыдыркылоит», — иҳәеит Сарџьвелаӡе.