Михаил Сарџьвелаӡе  -  Азыӡба зхызгараны иҟоу ауаҩы агәабзиара аганахьала апроблемақәа имамзар, абахҭаҿ дыҟазаароуп, Саакашвили ииагара иазку аӡбара ииашоуп
Михаил Сарџьвелаӡе  -  Азыӡба зхызгараны иҟоу ауаҩы агәабзиара аганахьала апроблемақәа имамзар, абахҭаҿ дыҟазаароуп, Саакашвили ииагара иазку аӡбара ииашоуп

Қырҭтәыла агәабзиарахьчара аминистр Михаил Сарџьвелаӡе иҳәамҭала,  Михаил Саакашвили аклиника аҟынтә апенитенциартә усбарҭашҟа ииагара иазку аӡбара ииашоуп.

„Ари аӡбара адкылара зыҟамлоз азы аӡәгьы аргументкгьы зцәыригом. Ари аӡбара иашоуп ҳәа сгәы иаанагоит. Азыӡба зхызгараны иҟоу ауаҩы агәабзиара аганахьала апроблемақәа имамзар, абахҭаҿ дыҟазаароуп, убри аҟынтә, Саакашвили ииагара иазку аӡбара ииашоуп“, – иҳәеит Сарџьвелаӡе.

Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили ахәшәҭырҭа аҟынтә N12-тәи апенитенциартә усбарҭашҟа диаргеит.