Михаил Сарџьвелаӡе  - Зеленски Михаил Саакашвили ахара зхаиқәырҵаз аусқәа ирызкны иидыруа маҷуп
Михаил Сарџьвелаӡе  - Зеленски Михаил Саакашвили ахара зхаиқәырҵаз аусқәа ирызкны иидыруа маҷуп

«Зеленски  Михаил Саакашвили ахара зхаиқәырҵаз аусқәа ирызкны, иаанкылара апроцедурақәа шымҩаҧысуаз иазкны  иидыруа маҷуп. Убри закәзар ҟалап абри аҩыза ааҧхьара зыҟаиҵаз», — иҳәеит апарламенттә аиҳара адепутат Михаил Сарџьвелаӡе.

Михаил Сарџьвелаӡе  иахьа Зеленски Михаил Саакашвили аҳәаанырҵәҟа ииагара аҳәарала иҟаиҵаз ааҧхьара дахцәажәеит.

Михаил Сарџьвелаӡе ишиҳәаз ала, Зеленски ииашам аинформациа ирҭазар ҟалап.

«Рыцҳарас исҟалаз, уажәы Украина аҭагылазаашьа уадаҩуп, убри аҟынтә,  Зеленски   Михаил Саакашвили ахара зхаиқәырҵаз аусқәа ирызкны, иаанкылара апроцедурақәа шымҩаҧысуаз иазкны  иидыруа маҷуп.

Зеленски икәша-мыкәша Саакашвили иҩызцәа шырацәоу аадыруеит, убри аҟынтә, Украина ахада ииашам аинформациа ирҭазар ҟалап, сара уи џьасшьом», — иҳәеит  Михаил Сарџьвелаӡе.