Михаил Саакашвили – Страсбургтәи аӡбарҭаҿ аӡбаратә процесс инагӡоит, сара сыҧсҭазаареи, Қырҭтәылеи, Украинеи рзы ақәҧара насыгӡоит
Михаил Саакашвили – Страсбургтәи аӡбарҭаҿ аӡбаратә процесс инагӡоит, сара сыҧсҭазаареи, Қырҭтәылеи, Украинеи рзы ақәҧара насыгӡоит

«Страсбургтәи аӡбарҭаҿ аӡбаратә процесс инагӡоит, сара сыҧсҭазаареи, Қырҭтәылеи, Украинеи рзы ақәҧара насыгӡоит», — иҩит Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили асоциалтә аҳаҿы.

Саакашвили иажәақәа рыла, идгылаҩцәа зегьы еилыркаароуп иара ҩышықәса ирылагӡаны дышдыргәаҟуа.

«Сара ацәгьаура мацарак ҟасҵеит, Урыстәыла агәылара аҳәынҭқарраҵәҟьа аҧҵаны, Евроеидгылеи НАТО рахь ахы сырхеит. Уажәы абри зегьы ашәарҭара иҭагылоуп, убри азоуп Путин идҵала абахҭа сҭакны сызрымоу.

Адунеи иқәынхо ақырҭуаа зегьы, раҧхьа иргыланы, Қырҭтәыла ауааҧсыра  — иаҳа шәыбжьы рдуны абри аиашамра шәаҿагыл!

Сара еснагь Қырҭтәыла ахақәиҭра сазықәҧон, уажәы Қырҭтәыла сареи, Никеи, Лазареи, гәнаҳарыла абахҭа иҭаку егьырҭ ауааҧсыреи  ҳхақәиҭра иазықәҧар сҭахуп», — иҩит Саакашвили.

Иахьа ишеилкаахаз ала, Страсбургтәи аӡбарҭа Михаил Саакашвили Варшаваҟа ииагаразы мап ицәыркит, иара убас, атәыла анапхгара ирыдрымҵеит Саакашвили атәыла аҩныҵҟа даҽа клиникак ахь диаргарц.