Мариам Қвривишвили – Қырҭтәыла атуристтә визитқәа рганахьала арекорд шьақәыргылоуп, урҭ рхыҧхьаӡара аҭоурыхтә максимум -  2,3 миллион аҟынӡа ишьҭыҵит
Мариам Қвривишвили – Қырҭтәыла атуристтә визитқәа рганахьала арекорд шьақәыргылоуп, урҭ рхыҧхьаӡара аҭоурыхтә максимум -  2,3 миллион аҟынӡа ишьҭыҵит

Қырҭтәыла атуристтә визитқәа рганахьала арекорд шьақәыргылоуп.  2025 шықәса ажьырныҳәа инаркны рашәарамзанӡа атәылаҿ имҩаҧган зеиҧшҟамлац ала ирацәаны,  — 2,3 миллион авизитқәа, ари арбага ҵыҧхтәи иашәьашәалоу аамҭа арбага аасҭа  6,9% еиҳауп. Иара убас, жәларбжьаратәи аныҟәаҩцәа рганахьалагьы арекорд шьақәыргылоуп — 3,2 миллионҩык.

Аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Мариам Қвривишвили лҳәамҭала, абарҭ арбагақәа  атәылаҿ аҭынчреи аҭышәынтәалареи ахьчара ахырхарҭала атәыла аиҳабыра имҩаҧырго аполитика иаша иабзоуроуп.

Аминистр ишылҳәаз ала,  2025 шықәса актәи 2 кварталк рзы Евроеидгыла атәылақәеи Британиа Дуи рҟынтә Қырҭтәылаҟа имҩаҧган  201 986 жәларбжьаратәи авизитқәа, ари арбага ҵыҧхтәи иашьашәалоу арбага аасҭа  10,2%-ла еиҳауп.

Иара убас, аминистр иаҵшьны иазгәалҭеит Персиатәи аӡыбжьахала атәылақәа рҟынтәгьы авизитқәа акырӡа ишырацәахаз.