Мариам Қвривишвили - 2024 шықәса ҳтәыла атуристтә индустриазы қәҿиарала ихыркәшан, ҳтәыла иаҭааит  5,1 миллионҩык иреиҳаны атуристцәа
Мариам Қвривишвили - 2024 шықәса ҳтәыла атуристтә индустриазы қәҿиарала ихыркәшан, ҳтәыла иаҭааит  5,1 миллионҩык иреиҳаны атуристцәа

«2024 шықәса ҳтәыла атуристтә индустриазы қәҿиарала ихыркәшан, ҳтәыла иаҭааит  5,1 миллионҩык иреиҳаны атуристцәа», –  аекономика аминистр ихаҭыҧуаҩ Мариам Қвривишвили ари аҳәамҭа ҟалҵеит Атуризм амилаҭтә администрациа ицәырнагаз адыррақәа данрылацәажәоз.

Қвривишвили ишылҳәаз ала, ари ахырхарҭала сынтәагьы адинамика бзиа иазыҧшуп.

«Ҳара имҩаҧааго адиверсификациа аполитика абзоурала,  ҵыҧх ҳтәыла иаҭааит зеиҧшҟамлац ала ирацәаны атуристцәа Израили,  Америкеи,  Франциеи,  Иеиду Аемиратқәеи,  Саудтәи Аравиеи егьырҭ аҳәынҭқаррақәеи рҟынтә. Сынтәагьы ари ахырхарҭала адинамика бзиа ҳазыҧшуп.  2024 шықәсазы еиуеиҧшым авиаеилахәырақәа рҟны аиҿцәажәарақәа қәҿиарала ихыркәшан.  Сынтәа ҳтәыла авиаџьармыкьаҿ аусура иалагоит  British Airways, EasyJet,  Edelweiss. Британиа Дуи,  Милани,  Циурихи,  иара убас,  Женевеи  рхырхарҭала ишиашо ареисқәа ҳауеит», – илҳәеит Қвривишвили.