Мака Боҷоришвили – Украина иадҳәаланы ҳпозициа ҳәаақәҵоуп, жәларбжьаратәи анормақәа рынагӡара ҳадгылоит, араҟа иџьоушьаша акгьы иҟам
Мака Боҷоришвили – Украина иадҳәаланы ҳпозициа ҳәаақәҵоуп, жәларбжьаратәи анормақәа рынагӡара ҳадгылоит, араҟа иџьоушьаша акгьы иҟам

Украина иадҳәаланы ҳпозициа ҳәаақәҵоуп, ари атәыла иазааҳарҧшуа адгылара ҳполитика иашьашәалоуп, – илҳәеит адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвили.

Лара дажәақәа рыла, Қырҭтәыла жәларбжьаратәи анормақәа рынагӡара иадгылоит.

„Украина иадҳәаланы ҳпозициа ҳәаақәҵоуп, ҳара изныкымкәа уи ҳҳәахьеит. Аҳадаҳкыло аӡбарақәеи ари атәыла иазааҳарҧшуа адгылареи ҳполитика иашьашәалоуп. Иахьа уи аӡәыр иџьеишьозар, уи адезинформациеи аинформациатә манипулиациақәеи рымшалоуп ишыҟалаз. Араҟа иџьоушьаша акгьы иҟам, ҳара Украина иадҳәаланы ҳпозициа  шьақәҳарҕәҕәахьеит, жәларбжьаратәи анормақәа рынагӡара ҳадгылоит. Уи ҳара ҳзы аҵакы ду амоуп. Аха, даҽазнык еиҭасҳәар сҭахуп, ҳтәыла ашәарҭара иҭаҳаргылар ҳҭахым, ҳшәарҭадара иаҧырхагахаша ашьаҿақәа ҟаҳҵом, убри азоуп абри аҩыза аӡбарақәа зҳадаҳкыло“, – илҳәеит Боҷоришвили.