Мака Боҷоришвили Шәамахьтәыла Амилаҭтә ассамблеиа адәныҟатәи аусқәа рзы акомитет ахантәаҩы диҧылеит
Мака Боҷоришвили Шәамахьтәыла Амилаҭтә ассамблеиа адәныҟатәи аусқәа рзы акомитет ахантәаҩы диҧылеит

Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвили Шәамахьтәыла Амилаҭтә ассамблеиа адәныҟатәи аусқәа рзы акомитет ахантәаҩы Саргис Ханданиани уи ицу аделегациеи дырҧылеит.

Адәныҟатәи аусқәа рминистрра апрессмаҵзура адыррақәа рыла, аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи рстратегиатә партниорра аҿиара адинамика бзиеи ҩ-ганктәи аусеицура иаҳа арҭбааразы иҟоу алшарақәеи ирылацәажәеит.

„Хшыҩзышьҭра ҷыда азун апарламенттә дипломатиа ароль ду. Иара убас, иаҵшьны иазгәаҭан зыҩаӡара ҳараку авизитқәа рҵакы.

Аиҧылара алахәылацәа иаҵшьны иазгәарҭеит арегионаҿ акыраамҭалатәи аҭынчреи аҭышәынтәалареи рышьақәыргылара аҵакы, ари аганахьала ишазгәаҭаз ала, Қырҭтәыла арегионаҿ ашәарҭадареи, аусеицуреи, аҿиареи арҕәҕәара ацхраара иазыхиоуп“, – иануп Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациаҿы.