Мака Боҷоришвили – Қырҭтәыла анапхгара, амилаҭтә интересқәа рышьаҭала, рхатә политика ҳәаақәырҵоит
Мака Боҷоришвили – Қырҭтәыла анапхгара, амилаҭтә интересқәа рышьаҭала, рхатә политика ҳәаақәырҵоит

«Қырҭтәыла анапхгара, ашьаҿа цыҧхьа аныҟарҵо, раҧхьа иргыланы, ҳтәыла амилаҭтә интересқәа иазҧхьагәарҭоит, абри ауп ҳара напхгагас иҳамоу, ҳуааҧсыра уи еилыркааижьҭеи акрыҵуеит. Убри азоуп ҳара зҵаарақәак рзы акомпромисстә аӡбарақәа рыдкылара зҳақәшәаз, абарҭ акомпромиссқәа рымшалоуп аҵыхәтәантәи аамҭазы ҳаиҳабыра рганахьала  акритика зыҟаҵаз, — илҳәеит адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвили ателеканал  «Имеди» аефираҿ.

Аминистр лҳәамҭала, Қырҭтәыла амилаҭтә интересқәа рышьаҭала иҟаҵоу ашьаҿақәа роуп аконкреттә амчқәа иргәамҧхо.

«Сара смилаҭтә интересқәеи егьырҭ рмилаҭтә интересқәеи еиқәымшәар ауеит, аброуп аимак ахьалаго. Аха, ари аимак аҿы сара сиашоуп, избанзар, сара Қырҭтәыла амилаҭтә интересқәа сыхьчоит; ҳтәыла анапхгара амилаҭтә интересқәа рышьаҭала рхатә политика ҳәаақәырҵоит», — илҳәеит  Мака Боҷоришвили.