Мака Боҷоришвили – Лабҿаба иубарҭахеит ҳара ҳзы аҵакы ду змоу, ҳҭоурыхи, ҳҷыдаҟазшьареи  ирыдҳәалоу Евроеидгылахь аинтеграциа азҵаара аполитикатә ақәҧаразы ахархәага мацарас ишыҟалаз
Мака Боҷоришвили – Лабҿаба иубарҭахеит ҳара ҳзы аҵакы ду змоу, ҳҭоурыхи, ҳҷыдаҟазшьареи  ирыдҳәалоу Евроеидгылахь аинтеграциа азҵаара аполитикатә ақәҧаразы ахархәага мацарас ишыҟалаз

Акоуп ҳгәы иалоу, ҳара ҳзы аҵакы ду змоу, адәныҟатәи ахырхарҭа мацара акәымкәа, ҳҭоурыхи, ҳҷыдаҟазшьареи ирыдҳәалоу Евроеидгылахь аинтеграциа азҵаара аполитикатә ақәҧаразы ахархәага мацарас иҟалеит, 2022 шықәса инаркны уи лабҿаба иубарҭахеит, – илҳәеит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвили.

Актәи аканал аефираҿы аминистр ишылҳәаз ала, Қырҭтәылазы зҵакы дуу абри азҵаара џьоукы рзы аполитикатә ақәҧара хархәагас иҟалеит.

„Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы азыҳәамҭа аныҟанаҵа инаркны, ари азҵаара ақырҭуа жәлар ргәазыҳәареи Қырҭтәыла аиҳабыра имҩаҧыргаз ареформақәа рацәеи ирыдҳәалан. Уи абзоурала, Қырҭтәыла акандидат астатус аиура алзыршаз алҵшәақәа рҟнынӡа инеит.   Акоуп ҳгәы иалоу, ҳара ҳзы аҵакы ду змоу, адәныҟатәи ахырхарҭа мацара акәымкәа, ҳҭоурыхи, ҳҷыдаҟазшьареи,  ирыдҳәалоу Евроеидгылахь аинтеграциа азҵаара аполитикатә ақәҧаразы ахархәага мацарас иҟалеит, 2022 шықәса инаркны уи лабҿаба иубарҭахеит. Ҳара ибзианы иаабеит ари азҵаара Қырҭтәыла аҩныҵҟатәи аполитика анырразы рхы ишадырхәо. Аоппозициаа евроинтеграциа азҵаара иалахәмаруеит. Ҳара абри аҩыза азнеишьа ҳақәшаҳаҭым, абри ауп иаҳҳәаз, ари азҵаара ҳара ҳзы аҵакы ду амоуп, уажәазы иҟоу аҭагылазаашьа ҳареи Евроеидгылеи ҳаизыҟазаашьақәа ирҧырхагоуп, ус изынагӡахом“, – илҳәеит Боҷоришвили.