Мака Боҷоришвили ИУНЕСКО Аконференциа хада лхы алалырхәоит
Мака Боҷоришвили ИУНЕСКО Аконференциа хада лхы алалырхәоит

Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвили Самарҟанд имҩаҧысуа  ИУНЕСКО Аконференциа хада 43-тәи асессиа лхы алалырхәоит.

Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, адәныҟатәи аусқәа рминистр  43-тәи асессиаҿы дықәгылоит, иара убас, лколлегацәеи ИУНЕСКО анапхгареи дырҧылоит.

Аусмҩаҧгатә аҿы ақырҭуа павилион еиҿыркаауеит. Ари аекспозициа ақырҭуа иматериалым акультуратә ҭынхара – аҳаҧшьаҩы аҟаҵара атрадициеи ақырҭуа полифониатә музыкеи  ирызкызаауеит.

Самарҟанд иқәгылоит ақырҭуа жәлар рашәаҳәаратә ансамбль  „Басиани“.