Мака Боҷоришвили индиатәи лколлега диҧылеит  
Мака Боҷоришвили индиатәи лколлега диҧылеит  

Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр  Мака Боҷоришвили  Ниу-Дели лвизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Индиа адәныҟатәи аусқәа рминистр, адоктор  Субрахманиам  Џьаишьанкар диҧылеит.

Аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәылеи Индиеи ҩ-ганктәи реизыҟазаашьақәа рҿы иҟоу адинамика бзиеи аусеицура арҭбаареи иалацәажәеит.

Аминистрцәа иҳараку аҩаӡараҟны аполитикатә диалог аҵакы иазгәарҭеит. Дара ишеиқәшаҳаҭхаз ала, хара имгакәа аполитикатә конультациақәеи аекономикатә комиссиақәеи рҳәаақәа ирҭагӡаны аиҧыларақәа мҩаҧыргоит.

Аиҧылараҿы ишазгәаҭаз ала, ҩ-тәылак рыбжьара зху иақәиҭу ахәаахәҭратә қәыҧшылара наӡа иазку аиқәшаҳаҭра ахәаахәҭра-економикатә аизыҟазаашьақәа рырҭбаара иацхраауеит.

Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр иаҵшьны иазгәалҭеит Қарҭ Индиа ацҳаражәҳәарҭа аартра аҵакы, лара лажәақәа рыла,  Индиа раҧхьатәи ацҳаражәҳәаҩ имиссиа алагара иахыццакуеит.