Мака Боҷоришвили – Ҳпартниорцәа Қырҭтәыла аҳасабтәқәа шамоу, уи атәылаҿгьы арегионаҿгьы аҭынчреи ашәарҭадареи ишазықәҧо рдыруазароуп, уи аҵакы ду амоуп
Ҳколлегацәа Қырҭтәыла аҿаҧхьа иақәгылоу аҳасабтәқәа рдыруазароуп, ҳтәылаҿгьы ҳрегионаҳгьы аҭынчреи аҭышәынтәалареи ишазықәҧо рдыруазароуп, уи ҳара ҳзы аҵакы ду амоуп, — илҳәеит адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвили Дубровник имҩаҧысуа есышықәсатәи афорум аҿы.
«Дубровниктәи афорум — аколлегаца рацәажәаразы алшара бзиа ҳнаҭоит. Сара аиҧыларақәак мҧҩызгеит, адәныҟатәи аусқәа рминистрцәагьы сырҧылараны сыҟоуп. Қырҭтәыла апозициақәа еилыркаароуп, Қырҭтәыла иадҳәалоу азҵаарақәа ҳрылацәажәароуп, уи аҵакы ду амоуп. Ҳколлегацәа Қырҭтәыла аҿаҧхьа иқәгылоу аҳасабтәқәа рдыруазароуп, ҳтәылаҿгьы ҳрегионаҳгьы аҭынчреи аҭышәынтәалареи ишазықәҧо рдыруазароуп, уи ҳара ҳзы аҵакы ду амоуп. Иара убас, ҳара, Азиеи Европеи еимыздо атәыла аҳасабала арегионаҿ Қырҭтәыла инанагӡо ароль ҳалацәажәаратәы алшара ҳауеит. Уи актуалтә зҵаарақәа иреиуп. Қырҭтәыла, «абжьаратә корридор» иалахәы, апотенциал ду змоу атәыла зҵакы дуу ароль нанагӡароуп. Убри азоуп абрахь ҳзаарыҧхьаз. Ҳара, ҳалшарақәеи ҳҧыжәарақәеи раарҧшра ҳалшоит», — иҳәеит Мака Боҷоришвили.