Леван Жоржолиани - Ихадоу мҩадуқәа рыцқьоуп, ахадара хаҭарнакцәа ауааԥсыра ақыҭақәа  рахь афатәи ахәшәқәеи рызнаргоит
Леван Жоржолиани - Ихадоу мҩадуқәа рыцқьоуп, ахадара хаҭарнакцәа ауааԥсыра ақыҭақәа рахь афатәи ахәшәқәеи рызнаргоит

Аметеорологиатә ҭагылазаашьа еиӷьхеит, асы уаҳа леиуам, аԥсабаратә рыцҳара аҿагыларазы ари иманшәалоуп, убри аҟынтә аиқәырхаратә уснагӡатәқәа агьежьԥрыга аҽалархәра алаша ҳауеит, – иҳәеит Аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Леван Жоржолиани.

Леван Жоржолиани ишазгәеиҭаз ала, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра иашьашәалоу аҟәша иатәу агьежьԥрыга ҷыда ауааԥсыра ацхыраара рнаҭоит.

«Ихадоу мҩадуқәа ирыцқьахьеит, ахадара хаҭарнакцәа ауааԥсыра ақыҭақәа рцентрқәа рахь афатәи ахәшәқәеи рызнаргоит. метеорологиатә ҭагылазаашьа еиӷьхеит, асы уаҳа леиуам, аԥсабаратә рыцҳара аҿагыларазы ари иманшәалоуп, убри аҟынтә аиқәырхаратә уснагӡатәқәа агьежьԥрыга аҽалархәра алаша ҳауеит. Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра иашьашәалоу аҟәша иатәу агьежьԥрыга ҷыда ауааԥсыра ацхыраара рнаҭоит», – иҳәеит Леван Жоржолиани.