Леван Жоржолиани Амиграциа жәларбжьаратәи аиҿкаара Европеи Ацентртә Азиеи арегионалтә директор диҧылеит
Леван Жоржолиани Амиграциа жәларбжьаратәи аиҿкаара Европеи Ацентртә Азиеи арегионалтә директор диҧылеит

Қырҭтәыла аиҳабыра радминистрациа анапхгаҩы Леван Жоржолиани Амиграциа жәларбжьаратәи аиҿкаара (IOM) Европеи Ацентртә Азиеи арегионалтә директор Артур Еркен диҧылеит.

Аиҧылараҿы амиграциа азҵаарақәеи ари ахырхарҭала Қырҭтәыла аиҳабыреи Амиграциа жәларбжьаратәи аиҿкаареи русеицуреи иалацәажәеит.

Аганқәа рхаҭарнакцәа  „Аџьаустә миграциа иазку” азакәан иалагалоу аҧсахрақәа ирылацәажәеит. Иара убас, атәылаҿы атәымуаа аусурҭала реиқәыршәареи аусуразы азин ҿыц агара иазку азҵаарақәеи ирзааҭгылеит. Аиҳабыра радминистрациа аиҳабы ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла атәылауаа рџьаустә зинқәеи ринтересқәеи рыхьчара амзызла, атәымуаа аус рур ахьыҟало, иара убас, аусура азин ахьрымам  аусхқәа ҳәаақәҵоуп.

Аиҧылараҿы хшыҩзышьҭра рызун азакәандаратә миграциа иаҿагыло ақәҧареи ари ахырхарҭала аҳәынҭқарра иҟанаҵо ашьаҿақәеи.