Леван Жоржолиани – Азакәандаратә акриптовалиутақәа рмаининг амшала Местиа апроблемақәа цәырҵит, аиндентификациа амзызла аҧхьаӡагақәа рышьақәыргыларазы аӡбара ҳадаҳкылеит 

17:56, 02.06.2026

«Азакәандаратә акриптовалиутақәа рмаининг амшала Местиа апроблемақәа цәырҵит, аиндентификациа амзызла аҧхьаӡагақәа рышьақәыргыларазы аӡбара ҳадаҳкылеит», — иҳәеит Қырҭтәыла аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Леван Жоржолиани ажурналистцәа данырҧылоз.

Леван Жоржолиани иҳәамҭала,  2025 шықсатәи адыррақәа рыла,  Местиа  133 миллион киловатт-сааҭ афымца рхы иадырхәоит, абри аҩыза амуниципалитет хәыҷы аҿы ари арбага  10 миллион  киловатт-сааҭ еиҳамзароуп.

«Убри амшала  аҳа азарал ду аиуеит, афинансқәа ацәыӡуеит. Убри аҟынтә, аидентификациа амзызла, аконкреттә анхарҭатә пунктқәа рҿы аҧхьаӡагақәа рышьақәыргыларазы аӡбара ҳадаҳкылеит.  Убри ала, азакәандаратә усура ахьымҩаҧысуа аҭыҧқәа раарҧшра ҳалшоит. Ауааҧсыра зегьы ҳрыҳәоит арҭ афактқәа раарҧшраҿы азинхьчаратә органқәа ирыцхраарц», — иҳәеит  Леван Жоржолиани.

 

Еиԥшу