Қырҭтәыла аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Америка Аҳәынҭқарратә департамент аделегациа дырҧылеит ​
Қырҭтәыла аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Америка Аҳәынҭқарратә департамент аделегациа дырҧылеит ​

Қырҭтәыла аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Леван Жоржолиани Америка Аҳәынҭқарратә департамент абжьагаҩ хада Џьонатан Асконас анапхгара ззиуа Америка Аҳәынҭқарратә департамент аделегациа алахәылацәа дырҧылеит.

Аиҧылараҿы хшыҩзышьҭра рызун атәыла атранзиттәи аимадаратәи функциа арҕәҕәаразы иҟаҵоу ашьаҿақәа. Леван Жоржолиани америкатә аган инарҭбаау аинформациа риҭеит зыӡбахәы ҳәоу афункциа арҕәҕәара амзызла Қырҭтәыла аиҳабыра аихамҩатәи, амҩатәи, абаҕәазатәи инфраструктура иаларҵо аинвестициақәа ирызкны. Аиҳабыра радминистрациа аиҳабы ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла аиҳабыра иахьазы Америкаҟны иҟоу аизыҟазаашьақәа рыҩаӡара ргәаҧхом, иара даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит атәыла анапхгара арҭ аизыҟазаашьақәа абҕьыц ҿыцла, аконкреттә амҩақәҵагала реиҭашьақәыргылара ишазыхиоу.

Аиҧылараҿы аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәыла Трамп имаршрут ишазныҟәо иалацәажәеит. Ишазгәаҭаз ала,  „Жәларбжьаратәи аҭынчреи мышхәыбзазареи рзы Трамп имаршрут“ (TRIPP) арегион хырҳагара ду азаанагар алшоит  Америка ала аидара амҩангара ашәарҭадара агарантиақәа раҧҵара аганахьала.

Аиҧылараҿы хшыҩзышьҭра азун арегионаҿ аҭынчра ашьақәыргылара аганахьала Трамп иадминистрациа рҽазышәара иамоу аҵакы. Иара убас, Шәамахьтәылеи Азербаиџьани реизыҟазаашьақәа рҭыҧқәҵара апроцессаҿ Қырҭтәыла инанагӡо ароль ахәшьара бзиа аҭан.

Аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз аиҧылара рхы аладырхәит адәныҟатәи аусқәа рминистр лхаҭыҧуаҩ Алеқсандр Хвҭисиашвилии Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ инапынҵақәа назыгӡо Алан Персели.