Қырҭтәыла аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Ватикан ацҳаражәҳәаҩ диҧылеит
Қырҭтәыла аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Леван Жоржолиани Қырҭтәыла иҟоу Ватикан ацҳаражәҳәаҩ, архиепископ Анте Иозич диҧылеит.
Аиҧылараҿы Қырҭтәылеи Ватикани реизыҟазаашьақәа ирылацәажәеит. Иаҵшьны иазгәаҭан апатуеиқәҵара ашьаҭала ишьақәгылаз апартниорра аҵакы.
Хшыҩзышьҭра азун аҵареи акультуреи аусхкқәа рҿы аусеицура. Аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәыла аиҳабыреи Ватикан агәыҳалалратә аиҿкарақәеи рыбжьара акоординациа ҕәҕәа аҵакы иалацәажәеит.
Аиҧылараҿы „Агрантқәа ирызку“ Қырҭтәыла азакәангьы иазааҭгылеит. Аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Ватикан ацҳаражәҳәаҩ ари азакәан ала иазҧхьагәаҭоу апроцедурақәа ирызкны изеиҭеиҳәан, ишазгәеиҭаз ала, ари азакәан атәым финансыркра аартызаара аиқәыршәароуп хықәкыс иамоу.