Леван Жоржолиани — Аартызаара аиндекс аҿы Қырҭтәыла ареитинг аиҕьхара уажәааны имҩаҧгаз ареформақәа ирыбзоуроуп. Аҧыза-министр иӡбарала, аиҳабыра ирыдыркыло аӡбрақәа зегьы  аргама ицәыргоуп
Леван Жоржолиани — Аартызаара аиндекс аҿы Қырҭтәыла ареитинг аиҕьхара уажәааны имҩаҧгаз ареформақәа ирыбзоуроуп. Аҧыза-министр иӡбарала, аиҳабыра ирыдыркыло аӡбрақәа зегьы  аргама ицәыргоуп

«Намысла анапхгараҭара иазку Чандлер иинститут аҳасабырбаҿы Аартызаара аиндекс аҿы Қырҭтәыла арбага аиҕьхара уажәааны имҩаҧгаз ареформақәа ирыбзоуроуп», — иҳәеит Қырҭтәыла аиҳабыра радминистрациа анапхгаҩы Леван Жоржолиани.

Леван Жоржолиани ишиҳәаз ала, аҳасабырбаҿы Қырҭтәыла, Евроеидгылеи Шенгентәи азонеи НАТОи ирылахәы  29 ҳәынҭқаррақәа раҧхьа игылоуп, насгьы, Қырҭтәыла аиҳабыра Европаҿ ажәбатәи аҭыҧ ааныркылоит.

«Аартызаара аиндекс аҿы Қырҭтәыла ареитинг аиҕьхара уажәааны имҩаҧгаз ареформақәа ирыбзоуроуп. Аҧыза-министр иӡбарала, аиҳабыра ирыдыркыло аӡбрақәа зегьы  аргама ицәыргоуп, изҭаху ауааҧсыра зегьы арҭ аӡбарақәа рбар рылшоит. Уи акоррупциа аҿагылара иацхраауеит. Иара убас, ҳара абиуџьет аартызаара аиндекс ала адунеиаҿ актәи аҭыҧ аанаҳкылоит. Аартызаара  —  уажәтәи аиҳабыра напхгагас ирымоу ахадаратә принципқәа иреиуп», — иҳәеит Леван Жоржолиани.