Леван Жоржолиани – Ахәқәа рыларҟәра иазку аусура мшаҧы анҵәамҭанӡа ихыркәшахоит, алҵшәа бзиақәа ҳауп ҳәа ҳгәыҕуеит 
Леван Жоржолиани – Ахәқәа рыларҟәра иазку аусура мшаҧы анҵәамҭанӡа ихыркәшахоит, алҵшәа бзиақәа ҳауп ҳәа ҳгәыҕуеит 

Ахәқәа рыларҟәра иазку аусура мшаҧы анҵәамҭанӡа ихыркәшахоит, алҵшәа бзиақәа ҳауп ҳәа ҳгәыҕуеит, – иҳәеит аиҳабыра радминистрациа аиҳабы  Леван Жоржолиани.

Иара иажәақәа рыла, аилахәырақәа зегьы ахәқәа рырмаҷра иақәшаҳаҭхеит.

«Акомиссиа ҩымчыбжь аус ауан. Афатәаалыҵ аусхкы аҿы аус зуа аилахәырақәа рхаҭарнакцәа ҳарҧылеит. Иара убас, акомиссиа амандат ирҭбааны, афармацевтикатә усхки абылтәы аусхки рҿы аус зуа аилахәырақәа рхаҭарнакцәагьы ҳарҧылеит. Аилахәырақәа зегьы ахәқәа рырмаҷра иақәшаҳаҭхеит», – иҳәеит Леван Жоржолиани.