Келли Дегнан мшаҧы 9 рзы иҟалаз арыцҳараан иҭахаз ауааҧсыра ҳаҭырла илгәалалыршәеит
Келли Дегнан мшаҧы 9 рзы иҟалаз арыцҳараан иҭахаз ауааҧсыра ҳаҭырла илгәалалыршәеит

Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнан, Мшаҧы  9 амемориалашҟа днеины, мшаҧы 9 рзы Русҭавели имҩадуаҿ  иҟалаз арыцҳараан иҭахаз ауааҧсыра ҳаҭырла илгәалалыршәеит.

Америка ацҳаражәҳәарҭа ари арыцхә иадҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәеит Facebook аҿы.

«Иахьа, хәыҷгьы-дугьы, еиуеиҧшым абиҧарақәа ирыҵанакәа ауааҧсыра зегьы, рстатуси рхырхарҭеи иахьыҧшымкәа, акоуп изызхәыцуа  —  Қырҭтәыла ахьыҧшымра амазароуп! Қырҭтәыла ахақәиҭра наӡа ахәҭоуп! Қырҭтәыла,   зегьы реиҳа аҿиара змоу, зегьы реиҳа здемократиа ҕәҕәоу адунеи амилаҭқәа ирымоу аихьӡарақәа зегьы ахәҭоуп! Аҩызцәа, абри амш ашьҭахь имҩаҧысуа амитингқәеи адемонстрациақәеи зегьы рҿы, раҧхьа иргыланы, Қырҭтәыла ахьыҧшымра наӡеи Асовеи Еидгыла алҵреи ҳаҳәоит !» — Мераб Костава.

Ҳара мшаҧы  9 ҳгәалашәоит», — иануп Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәарҭа  Facebook адаҟьаҿы.