Аҧыза-министр мшаҧы 9 иҭахаз ауаа ҳаҭырла ргәаларшәара амзызла Самеба акафедралтә ныхабааҿы имҩаҧгаз апанихидаҿ дыҟан 
Аҧыза-министр мшаҧы 9 иҭахаз ауаа ҳаҭырла ргәаларшәара амзызла Самеба акафедралтә ныхабааҿы имҩаҧгаз апанихидаҿ дыҟан 

 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе,  атәыла ахада Михаил Ҟавелашвилии,  апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвилии,  Қарҭ ахада Каха Калаӡеи,  анагӡаратәи азакәанҧҵратәи мчра алахәылацәеи дрыцны,  мшаҧы  9 рзы иҭахаз ауаа ҳаҭырла  ргәаларшәара амзызла Самеба акафедралтә ныхабааҿы имҩаҧгаз апанихидаҿ дыҟан.

Апанихида мҩаҧыргеит Апатриарх ишьҭрамҭаҩ, Сенакии Чхороҵҟуи амитрополит Шиои адоуҳатә хаҿқәеи.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, мшаҧы 9, ганкахьала,  арыцҳара ду иамшуп,  егьи аганахьала,  уи атәылеи ақырҭуааи еидызкылаз, Қырҭтәыла ахьыҧшымра азаазгаз  мшуп.

„Иахьа ҳара мшаҧы 9 рзы иҭахаз ҳфырхацәа ҳаҭырла иҳгәалаҳаршәоит. Мшаҧы 9 рзы иҟалаз арыцҳара ашьҭахь ҩышықәса анҵы, Қырҭтәыла аофициалла иаанацҳаит аҳәынҭқарра ахьыҧшымра аиҭашьақәыргылара иазкны. Сара усҟантәи амшқәа, амчыбжьқәа, амзақәа, ашықәсқәа ибзиаы исгәалашәоит, усҟан ажәлар азныҟәашьа рыҧсахит, абзиабара ацәымҕра иаиааит, абри зегьы даҽазнык иҳгәаланаршәоит ҳфырхацәа рықәҧара абзоурала ҳтәыла иаиуз  ахьыҧшымреи, ахақәиҭреи ҷыдала ишыхьчатәу.  Абри зегьы даҽазнык иҳгәаланаршәоит ҳара-ҳара ҳаизыҟазаашьақәеи абзиабареи шыхьчатәу“, – иҳәеит аҧыза-министр.

Аиҳабыра рнапхгаҩы иҳәамҭала, 35 шықәса раҧхьа асоветтә „КГБ“ ақырҭуа жәлар реиҟәшара рҽазыркит, иахьа егьырҭ атәым мчқәа абри аҩызаҵәҟьа ахықәкы рымоуп. Дара абри аҩызаҵәҟьа аметодқәа рхы иадырхәоит.

„Рыцҳарас иҟалаз,  „диҧ сҭеиҭ“ ари аус нанагӡоит Евроеидгылеи Америкеи рхархәарала, уаанӡа дара аофициалтә структурақәа рхы иадырхәон. Уажәазы Америка аҭагылазаашьа аҽаҧсахит, аха, бриуссельтәи абиурократиа иахьагьы Қырҭтәылаҿ ацәымҕра аларҵәара иаҿуп. Атәым агентура иахьазы ироуз адҵа ҳажәлар реиҟәшароуп изызку. Арыцхәқәа зегьы ацәымҕра аларҵәареи ажәлар реиҟәшареи азы  зхы иазырхәо ауаа иҟоуп. Иахьа дара, ҳара ҳзы зҵакы дуу амш, мшаҧы 9, ҳажәлар реиҟәшаразы даҽазнык рхы иадырхәар рҭахын. Ҳәарада, 34 шықәса раҧхьа, ҳара аҳәынҭқарратә хьыҧшымра аиҭашьақәыргылара анрылаҳҳәа, асоветтә „КГБ“ ишаҵахаз еиҧшҵәҟьа, уажәгьы, Қырҭтәыла ахьыҧшымреи ахақәиҭреи аидеиа атәым мчқәа ириааиуеит. Ҳара, хымҧада, ацәымҕра ҳаиааиуеит, абзиабара хымҧада ҳаиднакылоит, ҳтәыла ахьыҧшымреи ахақәиҭреи иаҳа арҕәҕәаразы хымҧада ақәҧара наҳагӡоит. Мшаҧы 9 рзы иҭахаз ҳфырхацәа рҿаҧхьа уи азы аҭак ҳаҧхықәуп – ахьыҧшымреи ахақәиҭреи ҳарзықәҧоит. Ҳара ҳазынтәгьы гәазыҳәарак ҳамоуп, уи – ҳтәыла аидҵароуп, уи азгьы аҭак ҳаҧхықәуп, ҳтәыла аҵакырадгьылтә акзаара аиҭашьақәыргыларазы иаҭаху зегьы ҟаҳҵоит, иҭахаз ҳфырхацәа рҿаҧхьа уи азы аҭак ҳаҧхықәуп“, – иҳәеит аҧыза-министр.