Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ инапынҵақәа назыгӡо  Алан Перселл  мшаҧы 9 рзы иҭахаз ауаа ҳаҭырла игәалаиршәеит 
Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ инапынҵақәа назыгӡо  Алан Перселл  мшаҧы 9 рзы иҭахаз ауаа ҳаҭырла игәалаиршәеит 

Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ инапынҵақәа назыгӡо  Алан Перселл  мшаҧы 9 рзы иҭахаз ауаа ҳаҭырла игәалаиршәеит.

Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәарҭа асоциалтә аҳақәа рҿы иаланарҵәаз аҳәамҭа ишану ала, Перселл Мшаҧы 9 амемориалаҿ дыҟан.

«Мшаҧы 9 рзы ҳара  1989 шықәсазы асоветтә архәҭақәа иаадырҧшыз агәымбылџьбара ҳгәалаҳаршәоит. Иахьа,  37 шықәса анҵы, усҟан иҭахаз 21ҩык ақырҭуааи Қырҭтәыла ахақәиҭра иазкыз аҭынчратә демонстрациа иалахәыз,  ахәрақәа зауз шәҩыла ауааҧсыреи ҳгәалаҳаршәоит», — иануп Америка ацҳаражәҳәарҭа  Facebook даҟьаҿы.