Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ  Павел Ҳерчински мшаҧы  9 рзы иҭахаз ауаа ҳаҭырла игәалаиршәеит 
Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ  Павел Ҳерчински мшаҧы  9 рзы иҭахаз ауаа ҳаҭырла игәалаиршәеит 

Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ  Павел Ҳерчински Русҭавели имҩаду аҿы, Мшаҧы  9 амемориалаҿ дыҟан.

Павел Ҳерчински мшаҧы  9 рзы иҭахаз ауаа ҳаҭырла игәалаиршәан, амемориал амҵан ашәҭқәа шьҭеиҵеит.

Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәарҭа, мшаҧы  9 инамаданы, асоциалтә аҳаҿы аҳәамҭа аланарҵәеит.

«Мшаҧы 9   — асоветтә арбџьармчқәа аҭынчратә демонстрантцәа рганахьала иҟарҵаз амчылара ҳгәаланаршәоит, ақырҭуаа усҟантәи рықәҧара Қырҭтәыла ахақәиҭреи ахьыҧшымреи разықәҧара иасимволхеит.

Ҳара ахьыҧшымра аиҭашьақәыргылара зхы ақәызҵаз ауаа ҳаҭырла иҳгәалаҳаршәоит.

Евроеидгыла  Қырҭтәыла асуверинитет иадгылоит  — ари аихьӡара ақәҧара ҕәҕәа иабзоуроуп, Қырҭтәыла абиҧара ҿыц иахьагьы ари аихьӡара ахьчара иазықәҧоит», — иануп Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәарҭа  Facebook даҟьаҿы.