Даниеи, скандинавтәи балтиатәи атәылақәеи рыцҳаражәҳәаҩцәа мшаҧы 9 рзы иҭахаз ауаа ҳаҭырла иргәаладыршәеит
Даниеи, скандинавтәи балтиатәи атәылақәеи рыцҳаражәҳәаҩцәа мшаҧы 9 рзы иҭахаз ауаа ҳаҭырла иргәаладыршәеит, дара Мшаҧы 9 амемориал амҵан ашәҭқәа шьҭарҵеит.
Даниа ацҳаражәҳәарҭа асоциалтә аҳақәа рҿы иаланарҵәаз аҳәамҭа ишану ала, Қырҭтәылаҿ мшаҧы 9 – Амилаҭтә акзаара мшуп.
«Қырҭтәылаҿ мшаҧы 9 — Амилаҭтә акзаара мшуп, избанзар, ари амш 1989 шықәсазы иҟалаз атрагедиатә хҭысқәа ирыдҳәалоуп, усҟан асоветтә арбџьармчқәа Қарҭ, Қырҭтәыла ахақәиҭреи ахьыҧшымреи иаҳәоз аҭынчратә демонстрантцәа гәымбылџьбарала еимдырппит. Арҭ ахҭысқәа рышьҭахь ҩышықәса анҵы, Қырҭтәыла ахатә хьыҧшымра еиҭашьақәнаргылеит. Даниа Қырҭтәыла ахьыҧшымреи асуверинитети иадгылоит», — иануп Даниа ацҳаражәҳәарҭа Facebook даҟьаҿы.