Мшаҧы 9 рзы иҟалаз арыцҳара инаркны 37 шықәса ҵит. 1989 шықәса мшаҧы 9 рзы, ашырҧаз, Асовет Еидгыла арбџьармчқәа рыхәҭақәа, Қаҭ агәҭаны, апарламент ахыбра аҧхьа, ҭынч имҩаҧысуаз апротесттә акциа еимдырппит. Усҟан 21ҩык ҭахеит, шәҩыла ауааҧсыра ашҳамтә газ рҧырхагахеит.
Хара имгакәа, 1991 шықәса мшаҧы 9 рзы, Иреиҳаӡоу ахеилак Қырҭтәыла ахьыҧшымра аиҭашьақәыргылара иазкны аӡбара аднакылеит.
Мшаҧы 9 Қырҭтәыла ҳаамҭазтәи аҭоурыхаҿ арыцҳара дуи, аамҭакала, Қырҭтәыла ахьыҧшымра аиҭашьақәыргылареи мшуп.