Мшаҧы 9 рзы иҟалаз арыцҳара инаркны  36 шықәса ҵит
Мшаҧы 9 рзы иҟалаз арыцҳара инаркны  36 шықәса ҵит

 

Мшаҧы 9 рзы иҟалаз арыцҳара инаркны  36 шықәса ҵит.

1989 шықәса  мшаҧы 9 ашырҧаз Қарҭ агәҭаны, апарламент ахыбра аҧхьа, Асовет Еидгыла арбџьармчқәа аҭынчратә апротесттә акциа еимдырппит, усҟан 21ҩык ҭахеит, шәҩыла ауааҧсыра агаз рҧырхагахеит.

Ҧыҭраамҭак ашьҭахь, 1991 шықәса мшаҧы 9 рзы, Иреиҳаӡоу ахеилак Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә хьыҧшымра рыларҳәеит.

Мшаҧы 9 Қырҭтәыла ҳаамҭазтәи аҭоурых ианылеит арыцҳара ду амши, иара убас, атәыла ахьыҧшымра аиҭашьақәыргылара амши аҳасабала.

36  шықәса раҧхьа иҭахаз афырхацәа:

  • Аза Адамиа — 22 шықәса
  • Натиа Башалевишвили — 16 шықәса
  • Ека Бежанишвили — 15 шықәса
  • Нато Гиоргаӡе  — 23 шықәса
  • Ҭамуна Долиӡе  — 28  шықәса
  • Ҭина Енукиӡе  — 70 шықәса
  • Нино Ҭоиӡе  — 22 шықәса
  • Заира Киквиӡе  — 61 шықәса
  • Манана Лолаӡе  — 34 шықәса
  • Ҭамар Мамулашвили — 50 шықәса
  • Венера Метревели — 45 шықәса
  • Мамука Нозаӡе  — 21 шықәса
  • Нана Самаргулиани — 41 шықәса
  • Шьалуа Қвасролиашвили — 35 шықәса
  • Марина Ҷҟониа-Самаргулиани — 31 шықәса
  • Елисо Ҷиҧашвили — 25 шықәса
  • Ҭамар Ҷовелиӡе  — 16 шықәса
  • Нодар Џьангирашвили — 40 шықәса
  • Мзиа Џьинҷараӡе  — 43 шықәса
  • Манана Мелқаӡе  — 26 шықәса
  • Гиа Қарселаӡе  — 25 шықәса