Анагӡаратәи азакәанҧҵаратәи мчра ахаҭарнакцәа Мшаҧы 9 амемориал ашҟа инеины, иҭахаз ауаа ҳаҭырла иргәаладыршәеит
 Анагӡаратәи азакәанҧҵаратәи мчра ахаҭарнакцәа Мшаҧы 9 амемориал ашҟа инеины, иҭахаз ауаа ҳаҭырла иргәаладыршәеит

Анагӡаратәи азакәанҧҵаратәи мчра ахаҭарнакцәа Мшаҧы 9 амемориал ашҟа инеины, иҭахаз ауаа ҳаҭырла иргәаладыршәеит.

Амемориал ашҟа инеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡеи, атәылахьчара аминистр Иракли Чиқовании, адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвилии, аинаалареи атәылауаҩратә аиҟарареи азҵаарақәа рзы аҳәынҭқарратә министр Ҭеа Ахвледиании, аҧсабарахьчареи ақыҭанхамҩеи рзы аминистр Давиҭ Сонҕулашвилии, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Гека Гелаӡеи, аиҳабыра алахәылацәеи.

Иара убас, Мшаҧы 9 амемориалаҿ иҟан Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвилии, апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвилии, апарламент адепутатцәеи. Дара амемориал амҵан ашәҭқәа шьҭарҵеит.

Аамҭакала, Мшаҧы  9 амемориал аҧхьа акциа мҩаҧысуеит.

Иахьа Мшаҧы  9 амемориал аҧхьа аиҿагылара ҟалеит. Акциа алахәылацәа тәылауаҩк дырпҟеит.