Келли Дегнан - Михаил Саакашвили иус азы аӡбаратә процесс мҩаҧысуеит, ари апроцесс мҩаҧгазароуп  ауаҩытәыҩса изинқәа ирышьашәаланы, хаҭалатәи аҧсҭазаара ахьчарала, ииашоу аусӡбара азинла
Келли Дегнан - Михаил Саакашвили иус азы аӡбаратә процесс мҩаҧысуеит, ари апроцесс мҩаҧгазароуп  ауаҩытәыҩса изинқәа ирышьашәаланы, хаҭалатәи аҧсҭазаара ахьчарала, ииашоу аусӡбара азинла

 

Атәыла аиҳабыра Михаил Саакашвили изинқәа рыхьчара аиқәыршәара ируалуп, иара амедицинатәи аҧсихологиатәи цхыраара иоуроуп, ииашоу аусӡбара изеиқәыршәатәуп, – илҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнан ажурналистцәа данрацәажәоз. 

Апенитенциартә маҵзура ҷыда иаланарҵәаз Михаил Саакашвили  икадрқәа ирыдҳәаланы ажурналистцәа илырҭаз азҵаара аҭак аныҟалҵоз Келли Дегнан ишылҳәаз ала,  Михаил Саакашвили иус азы аӡбаратә процесс мҩаҧысуеит, ари апроцесс мҩаҧгазароуп  ауаҩытәыҩса изинқәа ирышьашәаланы, хаҭалатәи аҧсҭазаара ахьчарала, ииашоу аусӡбара азинла. 

„Атәыла аиҳабыра Михаил Саакашвили изинқәа рыхьчара аиқәыршәара ируалуп, иара амедицинатәи аҧсихологиатәи цхыраара иоуроуп, ииашоу аусӡбара изеиқәыршәатәуп. Михаил Саакашвили иус азы аӡбаратә процесс мҩаҧысуеит, ари апроцесс мҩаҧгазароуп  ауаҩытәыҩса изинқәа ирышьашәаланы, хаҭалатәи аҧсҭазаара ахьчарала, ииашоу аусӡбара азинла“, – илҳәеит Келли Дегнан.