Келли Дегнан  Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра иалҭеит авиртуалтә хысырҭа иазку амаҭәахә  [авидео]

Америкеи Қырҭтәылеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара инаркны  30 шықәса аҵра инамаданы, Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ  Келли Дегнан Аҩныҵҟатәи ауқәа рминистрра академиа даҭааит.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра адыррала, асасцәа идикылеит аминистр ихаҭыҧуаҩ Гьаргь Буҭхузи. Академиаҿы америкатә аган аҟынтә ироуз амаҭәарқәеи апроектқәеи рцәыргареи рӡыргареи мҩаҧган.

Келли Дегнан Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа рҿаҧхьа дықәгылан,  аусзуҩцәа ртактикатә азыҟаҵареи  аҵаратә процесс аҿы жәларбжьаратәи аҧышәа аларҵәареи аҵакы далацәажәеит.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Гьаргь Буҭхузи Америка ацҳаражәҳәаҩ ҭабуп ҳәа леиҳәеит  аминистрра алшарақәа реизырҳараҿы кыршықәса рыҩныҵҟа иҟарҵо алагала ду азыҳәан.

Ауснагӡатә анҵәамҭаз,  Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражҳәаҩ  Келли Дегнан академиа иалҭеит авиртуалтә хысырҭа  (FATS) иазку амаҭәарқәа.