Каха Калаӡе - Қарҭ, хымҧада, иаҳа аҿиара амазаауеит, европатәи қалақьны иҟалоит, уи азы агарнтиа ҳнаҭоит  шәара шәыдгылареи  „Ақырҭуа гәахәтәы“ агәыҧ ҕәҕәеи
Каха Калаӡе - Қарҭ, хымҧада, иаҳа аҿиара амазаауеит, европатәи қалақьны иҟалоит, уи азы агарнтиа ҳнаҭоит  шәара шәыдгылареи  „Ақырҭуа гәахәтәы“ агәыҧ ҕәҕәеи

Аҳҭнықалақь ахада ауааҧсыра даҽазнык ҭабуп ҳәа реиҳәеит аҭыҧантәи ахаланапхгаратә алхрақәа рҿы рҭаххара аарҧшреи  „Ақырҭуа гәахәтәы“ агәыҧ адгылареи азыҳәан. Иара ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Қарҭ амуниципалитет аиҳабыра реилатәараҿы.

Каха Калаӡе иҳәамҭала, апартиа  „Ақырҭуа гәахәтәы“ арҭ алхрақәа рҿы аҳҭнықалақьаҿ зеиҧшҟамлац алҵшәа аиуит.

„Раҧхьа иргыланы, аҭыҧантәи ахаланапхгаратә алхрақәа қәҿиарала рхыркәшара шәыдысныҳәалоит, арҭ алхрақәа Қарҭ аҧсҭазаареи аҿиареи рзы аҵакы ду рымоуп. Ақалақь ауааҧсыра даҽазнык иаадырҧшит  атәыла ҭынч аҿиареи Қарҭ азы иаҳа еиҧш аҧеиҧши шырҭаху. Қарҭ зеиҧшҟамлац алҵшәа ҳамоуп, ҳуааҧсыра  71 наӡына еиҳаны агәрагара ҳзаадырҧшит. Шәара, қарҭаа,  адгылареи иаҳзаашәырҧшыз агәрагареи азыҳәан ҷыдала ҭабуп ҳәа шәасҳәоит.  Ҳхы ҳамеигӡакәа шәымаҵ аура наҳагӡоит. Шәара шәыбжьы цыҧхьаӡа Қарҭ иаҳа ариаҵәареи, амҩадуқәа иаҳа реиҿкаареи, аплан аҳасабала ишәыдаагалаз апроектқәеи апрограммақәеи рынагӡареи ауп иаанаго.

Ажәа шәысҭоит абри агәрагара шәара шәҿаҧхьа аҭакҧхықәра дуӡӡас ишыҟало. Қарҭ, хымҧада, иаҳа аҿиара амазаауеит, европатәи ақалақьс иҟалоит, уи азы агарантиа ҳарҭоит  шәара шәыдгылареи  „Ақырҭуа гәахәтәы“ агәыҧ ҕәҕәеи“, – иҳәеит аҳҭнықалақь ахада.