Каха Калаӡе  - Иҳынҭқарратәым аиҿкаарақәа ареволиуциатә сценари иалахәын, дара атәылаҿы аҳәынҭқарратә аарҳәра аиҿкаара рҽазыркит
Каха Калаӡе  - Иҳынҭқарратәым аиҿкаарақәа ареволиуциатә сценари иалахәын, дара атәылаҿы аҳәынҭқарратә аарҳәра аиҿкаара рҽазыркит

Қарҭ ахада иҳәамҭала, Қырҭтәыла аус зуа иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәак  аполитикатә процессқәа ирылахәып.  Каха Калаӡе ари атәы иҳәеит иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа Еврокомиссиа аҟынтә ироуа аҧара иазку аинформациа аартра иазкны ажурналистцәа ирҭаз азҵаара аҭак аныҟаиҵоз.

«Ҳәарада, аҵыхәтәантәи ашықәсқәеи амзақәеи рзы атәылаҿ имҩаҧысуаз апроцессқәа аҳәаанырцәынтә – Евроеидгыла атәылақәа рҟынтә адгылара рыман, иара убас, ари апроцесс иалахәын америкатә аиҿкаарақәагьы.  Дара рызынтәгьы хықәкык рыман, аҳәынҭқарратә аарҳәра, аиҳабыра рыхҳәара.  Дара еиуеиҧшым ахархәагақәа рыла рхықәкы нарыгӡар рҭахын, ари апроцессаҿ аҧхьагылара рыман иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа.

Дара роуранагӡара инақәыршәаны иуҳәозар, Қырҭтәыла аус зуа иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рстатуси русура аҵаки рыла иазҧхьагәаҭоу аусура акәӡам инарыгӡо. Дара, ишиашо, аполитикатә процессқәа ирылахәып, ареволиуциатә сценари иалахәын, атәылаҿ аҳәынҭқарратә аарҳәра аиҿкаара рҽазыркит», — иҳәеит  Каха Калаӡе.