Каха Калаӡе  - Азакәанпроект аҵакы аӡәгьы далацәажәом, иацы иаабаз аистерика зыхҟьаз сзеилкаауам
Каха Калаӡе  - Азакәанпроект аҵакы аӡәгьы далацәажәом, иацы иаабаз аистерика зыхҟьаз сзеилкаауам

«Дара абарҭ азакәанпроектқәа аурыс  ашьаҭа рымоушәа аадырҧшыр ауп ирҭаху», —  иҳәеит аҳҭнықалақь ахада  Каха Калаӡе.

Иара иажәақәа рыла,  аҵысра «Ажәлар рымч»  ахаҭарнацәа ицәырыргаз азакәанпроектқәа рыҩбагьы Венециатәи акомиссиашқа ирышьҭуеит, аҵыхәтәантәи аихшьаала роуаанӡа  иаартны адискуссиа мҩаҧыргоит.

«Азакәанпроект аҵакы аӡәгьы далацәажәом, уи проблемас изыҟалаз сзеилкаауам,  иацы иаабаз аистерика зыхҟьаз еилкаам. Дара абарҭ азакәанпроектқәа аурыс  ашьаҭа рымоушәа аадырҧшыр ауп ирҭаху.  Зыӡбахәы ҳәоу азакәанпроектқәа рҵаки рыхьӡи иадҳәаланы аӡәыр зҵаарак имазар, апарламентаҿ адискуссиа аартуп», — иҳәеит Каха Калаӡе.

Иара иҳәамҭала,  «Атәым агентцәа ррегистрациа иазку» азакәанпроект алибералтә ҟазшьа амоуп, уи   аартызаара аиқәыршәара мацароуп изызку.