Каха Калаӡе  - Аусеилыргараан аиаша еилкаахоит, ари ацәгьаура зхароу ауаа ахьырхәра роуеит, сара цәгьарак ҟасҵазар, азакәан аҿаҧхьа аҭакҧхықәра агара сазыхиоуп
Каха Калаӡе  - Аусеилыргараан аиаша еилкаахоит, ари ацәгьаура зхароу ауаа ахьырхәра роуеит, сара цәгьарак ҟасҵазар, азакәан аҿаҧхьа аҭакҧхықәра агара сазыхиоуп

Аҳҭнықалақь ахада Каха Калаӡе   аклиника «Ниу  Хоспиталс»  иҭоу,  Ваке апаркаҿ афымца зысыз   13 шықәса зхыҵуа аҷкәын дибеит.

Калаӡе ишиҳәаз ала, ахәыҷы иҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп.

«Аҭаацәеи ауацәеи срыдашшылар сҭахуп. Арыцҳара ду ҟалеит. Саргьы арыцҳара сҭагылоуп.  Ари афакт саршанхеит.   Аусеилыргараан аиаша еилкаахоит, ари ацәгьаура зхароу ауаа ахьырхәра роуеит, сара цәгьарак ҟасҵазар, азакәан аҿаҧхьа аҭакҧхықәра агара сазыхиоуп», — иҳәеит  Калаӡе.