Каха Калаӡе - Асанкциақәа рыла ҳаршәара иаҟәыҵааит, Каиа Каллас лоума даҽаӡә иоума, аӡәгьы Қырҭтәыла аинтересқәа рыларҟәра азин иаҳҭом
«Асанкциақәа рыла ҳаршәара иаҟәыҵааит, Каиа Каллас лоума даҽаӡә иоума, аӡәгьы Қырҭтәыла аинтересқәа рыларҟәра азин иаҳҭом», — иҳәеит Қарҭ ахада Каха Калаӡе адәныҟатәи аусқәеи ашәарҭадара аполитикеи азҵаарақәа рзы Евроеидгыла иреиҳаӡоу акомиссар Каиа Каллас иҟалҵаз аҳәамҭа данахцәажәоз.
Каха Калаӡе иҳәамҭала, Қырҭтәыла анапхгара атәыла аинтересқәа рыхьчоит.
«Асанкциақәа рыла ҳаршәара иаҟәыҵааит. Ҳара ҳтәыла ҳахьчоит, ҳтәыла аинтересқәа ҳахьчоит. Каиа Каллас ақырҭуа жәлар рнапхгаҩыс дзыҟалом. Хыхьынтә ахәаҧшреи адҵарақәа рыҭареи — уи зычҳауа рҿы рхы иадырхәааит. Каиа Каллас лоума, даҽаӡәы иоума, ртәылақәа ринтереқәа рыхьчаразы Қырҭтәыла аинтересқәа рыларҟәра азин раҳҭом.
Каиа Калласи уи илеиҧшу ачынуааи рацәам. Арадикалцәагьы аиҵараҿ иҟоуп. Зегьы уи аҽанраалара рықәшәоит. Ақырҭуа жәлар реиҳара „Ақырҭуа гәахәтәы — Адемократиатә Қырҭтәыла“ иадгылеит», — иҳәеит Каха Калаӡе.