Каха Калаӡе — «Ақырҭуа гәахәтәы» - иахьа атәылаҿы аҭынчра ахьчареи аҿиара анагӡареи зылшо мчы заҵәуп
««Ақырҭуа гәахәтәы» – иахьа атәылаҿы аҭынчра ахьчареи аҿиара анагӡареи зылшо мчы заҵәуп», — иҳәеит Қарҭ ахада иҭыҧаз акандидат Каха Калаӡе абжьыҭира ашьҭахь ажурналистцәа данрацәажәоз.
Калаӡе ишиҳәаз ала, анеҩстәи ҧшьышықәса аинтерес дуи аҵакы дуи рымазаауеит.
«Сара алхра ҟасҵеит. Раҧхьа иргыланы, Қырҭтәыла аҭынчреи Қарҭ иаҳа абзиареи сыбжьы рысҭеит. «Ақырҭуа гәахәтәы» – иахьа атәылаҿы аҭынчра ахьчареи аҿиара анагӡареи зылшо мчы заҵәуп. Аҵыхтәантәи ашықәсқәа рзы ҳаҳҭнықалақьаҿ имаҷымкәа апроект бзиақәа ҟаҳҵеит. Аха, уажәгьы апроблемақәа иҟоуп. Алхраҧхьатәи акампаниаан арҭ апроблемақәа шыҳаӡбаша ҳҳәеит. Ҳазлацәажәаша ҳамоуп. Анеҩстәи ҧшьышықәса аинтерес дуи аҵакы дуи рымазаауеит», — иҳәеит Каха Каладзе.