Каха Калаӡе – Аҧхасҭа змоу акорпусаҿ инхо ауааҧсыра аҳәынҭқарратә структура аҟынтә агарантиа роуеит акорпус хымҧада ишдыргыло азы, ашанс ду ҳамоуп, ари апрограмма ҳхы иаҳархәароуп

Аҧхасҭа змоу акорпусаҿ инхо ауааҧсыра аҳәынҭқарратә структура аҟынтә агарантиа роуеит акорпус хымҧада ишдыргыло азы, ашанс ду ҳамоуп, ари апрограмма ҳхы иаҳархәароуп, – иҳәеит Қарҭ ахада Каха Калаӡе аҳҭнықалақь аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы.

Калаӡе иажәақәа рыла, амуниципалитет аҭакҧхықәра наӡа ахы иаднаҵоит акорпус ҿыц аргылара аҵыхәанӡа ишнарго азы.

„Абжьааҧны, аҧхасҭа змоу акорпус аҿы инхо ауааҧсыра иахьа ирымоу аҵакыра аасҭа акырӡа иаҳа идуу аҵакыра иаҳәоит.  Амуниципалитет уи еиҧш алшара амам. Ауаа иахьынхо аасҭа иаҳа идуу аҵакыра рыдгаларазы  азинмчы ҳамам.  Ҳәрада, арҭ ауаа еилыскаауеит. Еиҭасҳәар сҭахуп, ауаа ишәоит, избанзар, ауааҧсыра анхарҭақәа анрырымҭоз афактқәа рацәоуп.  Рыцҳарас иҟалаз, шықәсқәак раҧхьа аҧхықәрақәа згаз аргыларатә аилахәырақәа рыҧхықәрақәа нарымгӡеит. Аргыларатә усурақәа аҵыхәанӡа иахьхыркәшам ахыбрақәа рацәоуп. Ауаа акыршықса ирылагӡаны анхарҭақәа ирзыҧшуп. Проблемас ирымоу ибзиаӡаны еилыскаауеит. Ара, абри аконкреттә хҭыс иадҳәаланы ишәасҳәар сҭахуп ари апроцесс амуниципалитет ишалахәхәо. Аргыларатә усурақәа хыркәшахаанӡа, аамҭала ауадақәа рыла еиқәыршәазаауеит. Амуниципалитет ауадақәа рыхәҧса ашәоит. Аргыларатә усурақәа рхыркәшаразы ҩышықәса еиҳамкәа аҭаххоит. Акорпус ҿыц аҿы анхарҭа ҿыц шәоуеит, ҧасатәи шәынхарҭа аҵакыра иаҟароу аҵакыра ҿыц шәоуеит.

Аҧхасҭа змоу акорпусаҿ инхо ауааҧсыра аҳәынҭқарратә структура аҟынтә агарантиа роуеит акорпус хымҧада ишдыргыло азы, ашанс ду ҳамоуп, ари апрограмма ҳхы иаҳархәароуп ҳәа сгәы иаанагоит“, – иҳәеит Қарҭ ахада.